"Аҭҵаарадырратә еилазаара аҿиара "- ахықәкқәа, акадрқәа , аплатформатә мыругақәа ҳәа захьӡыз "астол гьежь" мҩаҧысит Аҟәа. Уи иалахәын Аҧсны аҳәынҭқарра ахада иҿы иаҧҵоу аҵарауаа ҿарацәа рхеилаки урҭ урыстәылантәи рколлегацәеи. Асеминар - еиҧылара еиҿкааҩцәас иаман атәыла анапхгара, "Аҧсны акоманда", Урыстәылатәи аҵарадырратә центр "Сенеж".