Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aхәаша, 10 Хәажәкыр 2023 21:17

Аиааира 30 ш. ахыҵра иазку акциа

Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра аан игаз аиааира ду ҩажәи жәаба шықәса ахыҵра аламҭалазы ҳреспублика ахаҭарнакцәа рҭаауеит хатәгәаҧхарала еибашьуаз-иҭахаз рҭаацәа.«Иаҳгәалашәоит» - абас ахьӡуп Жәлар реизара адепутат Леонид Лакербаиа напхагара ззиуа агәыҳаларатә фонд. Арҭ амшқәа рзы уи ахаҭарнакцәа ыҟан Ҟабарда-Балкариеи Аахыҵ Уаҧстәылеи. Ирҭааит ҩажәи жәаҩык инарыцны ҳаибашьра аан иҭахаз рҭаацәа. Иҭабуп ҳәа рарҳәеит рыхшара иаадырҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы, ирзыршеит аҳамҭақәа. Аделегациа алахәылацәа анацәеи абацәеи ааҧхьара рырҭеит Аҧсны иаҭаарц.

Media