Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра 
Абхазская Государственная Телерадиокомпания

Abhazya Devlet Televizyon ve Radyo Kurumu 
Executive Board of Abkhazian State Television and Radio Broadcasting Company.

Aҩаша, 17 Хәажәкыр 2026 09:28

Март 15,16 - Гәымсҭатәи афронт ала Аҟәа ахақәиҭтәразы иҭахаз агәымшәақәа ргәалашәара иамшуп

33 шықәса раҧхьа, Аҟәа ахақәиҭтәразы имҩаҧгаз марттәи ажәылара Аҧсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых аҟны зегьраасҭа ишьаарҵәырахаз жәыларахеит.Иҭахеит 222-ҩык аибашьцәа, 23-ҩыкхабарда ибжьаӡит. Ари иманшәаламхаз операцианы иҧхьаӡоуп,аха иара сентиабртәи аоперациа алыҵшәа аиуразы даара акрызҵазкуа жәыларахеит.Гәкажьрак ҟарымҵеит иҭахаз аҷкәынцәа ранацәа. Урҭ ражәақәа ҳаибашьцәа ҧхьаҟа ирыхон. Есышықәса, ари амш аҽны аиааира аагара зхы ақәызҵаз ргәаладыршәарц азы Ахьӡ-аҧша апарк ахь иааины ихырхәоит аибашьра аветеранцәа,аиҳабыра рхаҭарнакцәа,иҭахаз афырхацәа ранацәа, ауаажәларра.

Media