Уи азырхоуп абжьыҭараан асиақәа рҿы агхақәа реиҵатәра, алхратә процесс еилыхха амҩаҧгара. Алхратә ценз ашьҭыхразы азакәан аҧсахрақәа алагалараәзы актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит. Аҧсахрақәа алагалахап- Аҧсны ахадарахьы акандидат 45 шықәса ихыҵуазароуп, адепутатрахь - 33 шықәса. Иара убасгьы, анаҩстәи аиҭакра ҟалар алшоит : уаанӡа 65 шықәса ирхыҧаз акандидат ддепутатхар ҟалаӡомызт, аха аиҭакрақәа алагалахар, ддепутатхар ауеит 65 шықәса ирхысызгьы. Абарҭи егьырҭ акрызҵазкуа азакәанқәеи имҩаҧысыз Аҧсны Жәлар Реизара аилатәараҟны.