Уаанӡатәиқәа тематикала еиуеиҧшымызҭгьы, сынтәа ари аҭыжьымҭа агәабзиарахьчара иазыркит. Аизакхьӡынҵа аӡыргара рхы аладырхәит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Вараздаҭ Миносиан, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, аусдкылаҩцәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.