Уажәшьҭа фазак змоу ауааҧсыра ҩ-мааҭк ршәалоит, х-фазак зызнеиуа 2 мааҭки 70 копеии. Афымцалашара ахәҧса раҧхьаӡа акәны ишьҭыхын 2022шықәсазы, уиаахыижьҭеи есышықәса маҷ-маҷ иацлоит, ус еиҧш иҟоу ашьаҿа афымцанхамҩа аиҭашьақәыргыларазы ҧсыхәа змам ӡбамҭаны ирыдыркылеит аҳәынҭқарраҿы.