Тҟәарчалтәи актәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧысит араион ашколхәыҷқәеи Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаҩратә еилазареи реиҧылара. Арҵаҩцәа ашколхәыҷқәа иреилдыркааит хара имгакәа ауниверситет аолимпиада шымҩаҧнаго. Уаҟа иалкаахо аҵаҩцәа хәыда- ҧсада ауниверситет аҭалара рылшоит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.