Марттәи ажәылара аан иҭахаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ирызкыз агәаларшәагатә цәыргақәҵа еиҿкаан Владислав Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара Ахьӡ-аҧша музеи аҟны. Афырхаҵареи, ахьааи, агәырҩеи зныҧшуаз афотоҭыхымҭақәа рцәыргақәҵа иаҭааз рхыҧхьаӡараҿ дыҟан ҳкоррепондент Алика Ҭраҧшьҧҳа.