Аҳҭнықалақь аҿы игылоу афырхацәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба , аҧыза – министр Александр Анқәаб , Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ,аиҳабыра рхаҭарнацәа , адепутатцәа , аибашьраҿы иҭахаз ранацәа, аветеранцәа, хатәгәаҧхарала еибашьуаз , ауаажәларра рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа. Ажәабжь иациҵоит Даур Инаҧшьба.