Симон Басариа ихьӡ зху Очамчыратәи ашкол- интернат аҟны зқьи жәшәи ҧшлынҩажәи жәаха шықәсазы марттәи ажәылараан иҭахаз аҧсадгьыл ахьчаҩцәа ргәаладыршәеит. Уи иазкыз ахәылҧаз иалахәын аибашьра аветеранцәа, аҵара аминистр Инал Габлиа, атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа.