Мшаҧы мза 7 рзы аиаша қьырсианхаҵаҩцәа иазгәарҭоит аныҳәақәа хадақәа ируаку Ацқьа Мариа агәырҕьаҿҳәаша анлоуз амш. Аныҳәа аҽны, ишаҧу еиҧш, адинхаҵаҩцәа ауахәамақәа ирҭаауеит , имҩаҧысуа анцәа имаҵзурақәа рыҽрыладырхәуеит. Шәахәаҧш ҳкорреспондент Лаура Қаҧшьҧҳа Аҟәатәи акафедралтә уахәама аҟынтәи иазлырхиаз анҵамҭа.