* Aҩаша, 07 Мшаҧы 2026
Џьырхәеи Дәрыҧшьи рҳәааҿы игылоуп знапаҿы аҧсуа бираҟ зку ҧсыуа маҭәала еилаҳәоу аҽыуаҩ искульптура
Аҧсны ашәҟәыҩцәа реидгыла Кындыҕтәи, Тамшьтәи, Кәтолтәи абжьаратә школқәа ирҭааит
Уаҟа иаартын Дырмит Гәлиаихьӡзху амемориалтә ӷәы. Абаҟақәа рҿы апоетцәа Дырмит Гәлиа ихцәажәеит, ашколхәыҷқәа иажәеинраалақәа ирыҧхьеит.
Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҟны имҩаҧысуеит аҭҵаара-практикатә конференциа
Аҧснытәиаҳәынҭқарратә унивирситет афакультетқәа зегьырыҟны имҩаҧысит астудентцәеи, аспирантцәеи,аҵарауаа қәыҧшцәеи рыҭҵаара-практикатә конференциа. Афилологиеи ажурналистикеи афакультет аҟны жәа-ҩык ажәахәқәа ҟарҵеит еиуеиҧшым атемақәа рыла.
Ашьаҭамырӡга. Ацәажәаратә етикет аҧсуаа ртрадициатә культураҿы
Абызшәатә политиказы аҳәынҭеилакы ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аҧсышәала ицәажәо ашәыҟәқәа рзыршеит
Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак сынтәатәи ашықәс ҳанҭала инаркны ихацнаркит Аҧсны ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи 22 нызқь инарзынаҧшуа аҧсышәала ицәажәо алитературатә шәыҟәқәа рызшара.Ас еиҧш акциа хықәкыс иамоуп аҧсуа бызшәа аҿиара.
Аҧсны имҩаҧысуаз Жәларбжьратәи аекономикатә форум ҳтәыла аекономика аҿиразы алшрақәа аанартит
Уажәшьҭа илху амҩа иқәланы ицатәуп, аҿиара аиурц азы, ҳәа азгәеиҭеит Жәлар Реизара адепутат Беслан Ҳалуашь ҳкорреспондентцәа аниҿцәажәоз. Иара иҳәеит,иахьатәи аамҭазы Аҧсны аинвестициақәа ралагалара шхырхарҭа бзиоу. Азакәанаганахь ала аиҭакрақәа аҭахханы иҟалозар, Жәлар Реизараҿы уи иахәаҧшхоит,иҳәеит адепутат.