Алхырҭатә ҭыҧ аартуп Москва Шаболовка амҩаду аҭыӡҭыҧ ала. Алхырҭатә ҭыҧ хадазы Урыстәыла иҟоу Аҧсны ацҳаражәҳәаҩ быжь нызқь биуллитен даҳәон, аха Аҧсны Алхратә комиссиа хада аҟынтәи ҧшь-нызқь биуллетен роуп ирырҭаз. Алхратә ҭыҧ акомиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа иазгәеиҭеит ауаа активла ишаауа.