АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aсабша, 01 Абҵара 2025

Aсабша, 01 Абҵара 2025 08:45

Амшеикәшара 31.10.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны араионқәа быжьбеи Аҟәатәи акомандеи злахәу аицлабрақәа еиҿнакааит Аҧсны аҵара аминистрра,уи аҟны адгылара ҟанаҵеит Атәылахьчара аминистрра. Аихшьаалақәа инарықәыршәаны, актәи аҭыҧ ранашьоуп - Аҟәатәи акоманда, аҩбатәти - Гагра, ахҧатәи - Очамчыра араион.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иҧсабаратәым аинтеллект ахархәарала, аҧсуа сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рыла еиқәыршәоу амульти-медиатә проект аӡыргара иалахәын асахьаҭыхыҩцәа, ауаажәларра. Зыӡбахә ҳәоу апроект еиҿкаауп акультуратә платформа "Гума" аҧшьгарала. Ацхыраара анаҭеит москватәи аҧсуа диаспора. Иҧсабаратәым аинтеллект иҟанаҵаз аус иалҵыз атәы анҵамҭаҿы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Нижни Новгород ариаҵәаратә проект аилазаара Аҳабла ҿыц аҟны апарк арҿыцразы нанҳәамза инаркны аусурақәа аҧшьган. Иарбаз аамҭа инақәыршәаны, еихьӡарала аусрақәа рхыркәшарахь инеит. Ари аҭыҧ еиҿкаауп аамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыла.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аиааира 30 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы, Аҟәа ақалақь ахадара, аҩнеихагыла дуқәа рҟны инхо ауааҧсыра ирыларҳәеит аицлабра.Ари аицлабра иалахәын 15 ҩнеихагыла рҿы инхо ауааҧсыра, дара рымч ахьынӡақәхоз акәша-мыкәша еилдыргеит. Аха, иҟалеит иалкаахаз ашҭақәа - Цәыббрамза 30 амҩаду,аабатәи аҩны аҧхьахәтә ҭыҧ ааннакылеит. Ҳҭыхратә гәыҧ рыҿцәажәеит ари аицлабраҿы зҽалызкааз анхацәа. Шәахәаҧшә Фатима Гьергьиаҧҳа ланҵамҭа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Абҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30