АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 25 Мшаҧы 2025

Aхәаша, 25 Мшаҧы 2025 12:07

Амшеикәшара 24.04.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Апроект "Абаза жәлар рыхәмаррақәа" Урыстәылазегьтәи аицлабра "Уара ахәмарраҿы уҟоуп" афиналбжа аҟынӡа инеит! Уи мҩаҧнагоит Урыстәылатәи Афедерациа аспорт аминистрра. Иахьа ари апроект афинал ахь инеиразы шәареи ҳареи онлаин ала ҳабжьы аҳҭароуп. Абжьаҭара мҩаҧыслоит лаҵарамза хәбанӡа. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Лаҵарамза акы инаркны Шәача иаҵанакуа Имереҭтәи акурорти Аҟәеи ирыбжьалараны иҟоуп афымцадәыҕба «ЛАСТОЧКА». Уахыки ҽнаки ирылагӡаны адәыҕба ари амаршрут ала ҩынтә ибжьыслоит. Адәыҕба аныҟәара арманшәаларзы иааиҧмырҟьаӡакәа арҽеиратә усурақәа мҩаҧнагоит Ареспубликатә Унитартә наплакы «Аҧснытәи аихамҩа».

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ари арыцҳара ду ҟалеижьҭеи шәи жәаба шықәса аҵра инамаданы, ҳреспубликаҿы агәаларшәагатә усмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Убас, Ованес Туманиан ихьӡ зху Аҟәатәи ажәбатәи абжьаратә школ аҿы аерман жәлар ргеноцид иазкыз ауснагӡатә иаҭааит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аҧыза-министр Владимир Делба, уи ихаҭыҧуаҩ Вараздат Миносиан, Аҟәа ақалақь ахада ихаҭыҧуаҩ Авҭандил Сурманиӡе, Аерманцәа рхеилак алахәылацәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Мшаҧы 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30