

Дара рхы рыладырхәуеит араион ақыҭақәа рҿы еиҿкаау акомандақәа. Сынтәатәи аицлабрақәа ирылахәын хә-гәыҧк. Аҧхьахә агаразы еицлабуан Кәтоли Арасаӡыхьи рҽыбҕаҟазацәа, иара убасгьы Тамшьааи Џьгьардааи еизгоу ркоманда ахаҭарнакцәа. Аҽырҩрақәа рымҩаҧгара еснагь ахаҵгылара арҭоит араион анапхгара. Аҧхьахәқәа згоз ҽыбҕаҟазацәа рзы араион абиуџьет аҟынтәи иазоужьын хышә-нызқь мааҭ аҧара.
Владимир Путини Бадра Гәынбеи рыдҵаҟаҵарала ҳтәылаҿы иахьа ахархәара рзухоит агәабзиарахьчара аганахь ала апроект дуқәа. Урҭ рынагӡашьа гәарҭеит Аҧсны иаҭааз Урыстәыла Ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Киринекои агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашкои.
Апассаџьыртә дәыҕба мышкахьы ҩынтә Сириуси Аҟәеи ирыбжьыслоит, х-сааҭки бжаки амҩа иқәхоит. Афымцадәыҕба Аҟәатәи аихамҩаҿы иаҧылоз рхыҧхьаӡараҿы иҟан Аҧсны Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла ахада иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенко. Иара убас ари аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәааи, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ахаҭарнак Михиал Шургалини.