
Абхазская Государственная Телерадиокомпания
Адрес электронной почты редакции: info@agtrk.tv
Реклама на сайте: тел.: +7 (840) 226-11-44 е-mail: news@agtrk.tvАџьынџьтәылатә еибашьра ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа ақалақьтә школқәа рҵаҩцәа алархәны имҩаҧган Арратә цәаҳәаиаша ақәгылареи аибашьра иалиааз ашәақәа рынагӡареи рҿы ирымоу азыҟаҵара аарҧшра иазкыз аицлабра. Уи алыҵшәақәа ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гергьиаҧҳа.
Иахьа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭа ҭдырҭәааит аҭыҧантәи аспортсменцәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз аиааира ҧшьынҩажәа шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аспорт афестиваль еиҿкаан. Шьаҿеиқәшәала ашҭа иқәсит ҩеижәа- ҩык рыла ишьақәгылаз акаллонақәа ҩажәи хәба рҿынӡа Аҧсны араионқәа зегьы рҿынтә. Афестиваль ашҟа дымҩахыҵит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба.