АЖӘАБЖЬҚӘА

* Aхәаша, 13 Рашәара 2025

Aхәаша, 13 Рашәара 2025 05:39

Амшеикәшара 12.06.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭа араион ахь иусуратә ныҟәара аан Лыхны ақыҭа даҭааит. Иблала ибеит акультуратә хан. Уи аҭагылазаашьа азгәаҭаны, изыхәҭаз аусбарҭақәа адҵа риҭеит ахыбра аҩныҵҟа аиҭашьақәыргыларатә усмҩаҧгатәқәа реиҿкааразы. Ажәабжь иациҵоит Енвер Арџьениа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза аусура амҽхак арҭбаауеит. Ашьжьымҭан, рашәарамза 12 рзы, раҧхьаӡа акәны араҟа итәеит зфиузелиаж ҭбаау аҳаирплан. Знык ала Аҧсны ршьапы ықәдыргылеит 350-ҩык атуристцәа. Абоинг быжьшәи ҧшьынҩажәи быжьба–ааба Москвеи Аҟәеи ирыбжьазаауеит мышкахь знык ииун ҩеижәи аабанӡа. Уинахыс, аҧсшьара сезон нҵәаанӡа - мышкахь ҩынтә. Аҟәатәи аҳаиртә баҕәазаҿ аҳаирплан иаҧылоз дыруаӡәкын ҳкорреспондент Фатима Гьергьиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Рашәара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
            1
2 3 4 5 6 7 8
9 10 11 12 13 14 15
16 17 18 19 20 21 22
23 24 25 26 27 28 29
30