Абҵара ҩажәи фба рзы Гагра араион аҿы амшын ацәқәырҧара иахҟьаны иҟалаз аҧхасҭа арҽеира иацҵоуп. Ааха зауз аобиектқәа арыцқьара иаҿуп акоммуналтә усбарҭақәа русзуҩцәа, аҭыҧантәи анхацәа. Аӡыржәтә ақалақь аҿы макьана иҟаӡам. Афымцалашарагьы ахьеиеиҭашьақәыргылам ҭыҧқәак аанхоит.