Ҭагалан аҽарцәгьеит аҵыхәтәантәи ҩымш. Аҧсшьарамшқәа рзы аҧша аҵаны ақәаршҩы ауан, амшын ацәқәырҧақәа ҩба-хҧа метра хыхь ишьҭыҵуан. Абҵарамза 29 инаркны амшқәа еилгоит, аҧхаррагьы ҟалоит рҳәоит аҳауагәаҭаҩцәа. Амшын ацәқәырҧа ашьҭыҵра Гәылрыҧшь араион анхацәа иахьынӡарҧырхагахаз еилыркаауан ҳкорреспондентцәа.