Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа афымцанхамҩа аҭагылазаашьеи, Ареспублика асоциал–економикатә ҿиаразы аинвестициатәи, ақыҭанхамҩа арҿиареи, анхарҭақәа рзы хықәкылатәи аҳәынҭқарратәи программақәа рынагӡашьа азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаҧигеит. Уи иалахәын аҧыза-министр Александр Анқәаб, Ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, Ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа, аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, Амшынеиқәафымцамч анапхгара, араионқәеи ақалақьқәеи рхадацәа. Инеизакны ари аилацәажәараҿ иззааҭгылаз Лаура Қаҧшьҧҳа ланҵамҭаҿ.