Ҩ-нызқьи ҩажәи хҧа шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет анагӡашьазы азакәан рыдыркылеит жәлар реизара адепутатцәа аҩбатәи аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы. Иҳаҩсыз ашықәсазтәи амилаҭтә банк аҳасабрба шьақәдырҕәҕәеит адепутатцәа. Ирыдыркылеит иҳәынҭқарратәым ф-биуџьетк рфондқәа рынагӡашьазы аҳасабырба. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа .