Ауаажәларратә палатаҿы афымцамч аганахьала Аҧсны ишьақәгыланы иҟоу аҭагылазаашьа иалацәажәеит Аҧсны аҧыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганбеи, Аҧыза-министр актәи ихаҭыҧуаҩ инапыҵақәа назыгӡо, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанбеи, Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, аекономика аминистр Кристина Озгани, Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ инапынҵақәа назыгӡо, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи, адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҧақәа назыгӡо Сергеи Шамбеи алархәны. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.