Иахьатәи аҭыжьымҭаҿы:
00:15 Амҩаҧгаҩ Асмаҭ Гәниа
01:45 Ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз ахҭыс хадақәа ааркьаҿны.
06:00 Цәыӡда аҭарцәра. Жәохә шықәса рышьҭахь Кәыдрытәи аҩхаа ахақәиҭтәразы аоперациа далацәацәажәеит Ар раинрал Мираб Кьышьмариа.
24:30 Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира ҩажәижәаба шықәса ахыҵра аламҭалаз ҳдырраҭара аҩныҵҟа ихацыркыз арубрика “Аиааира ҳашьҭан аиааира ҳҭахын” иацаҳҵоит.Аишьцәа Беслани Баҭали Ҵәыџьаа рҭоурых акыр иҵаулоуп,ихьаауп.Асеиҧш иҟаз агәымшәақәа шьаҿа-шьаҿала Аиааира амш ҳазааигәартәуан.