Иахьатәи аҭыжьымҭаҿы:
00:15 Амҩаҧгаҩ Асмаҭ Гәниа
01:05 Нанҳәа ҩажәифба рзы ҳтәылаҿы иазгәарҭеит Аҧсны ахьыҧшымра азхаҵара амш.Имҩаҧган уи иазкыз аусмҩаҧгатәқәа жәпакы.
04:20 Иҭыҵит ажурнал «Алашара» аҧшьбатәи аҭыжьымҭа.Ажурнал иагәылалаз акьыҧхьымҭақәа еиҳарак аиубилеитә рыцхәқәа ирызкуп. Иахьатәи аамҭазы «Алашара» аларҵәара ахьынӡамоу,иҟоу ауадаҩрақәа,аихьӡарақәа ртәы дазааҭгылеит ажурнал «Алашара» аредактор хада Анатоли Лагәлаа.
13:15 Иҷыдоу ахәыҷы Адриани иара иан Ирина Розиои ирызкуп ҳанҵамҭақәа руак.
22:15 Ацқьа Мариа лылацәеиқәҧсара амш, мамзаргьы Нанҳәа аныҳәа аҧсуаа ишазгәарҭои, уи аҷыдарақәеи ртәы архимандрит Аб Дараҭ иҿцәажәараҿы.