

Иҳаҩсыз аҧсшьарамшқәа рзы Бзыҧҭа имҩаҧысит аҽыбӷаҟазаразы Аҧсны ачемпионат. Уи иалҵшәаны, абар хынтәуп Аҧсны иачемпионхоижьҭеи Риҵатәи амилаҭтә ҳәырҧсарратә парк акоманда. Аҽыбӷаҟазаратә еицлабрақәа рымҩаҧысшьа иацклаҧшуан ҳҭыхратә гәыҧгьы.
Амилаҭтәхәмаррақәа рчемпионат "Аимҵакьача" иацҵо,иҳаҩсыз аҧсшьарамшқәа рзы Ҷлоу ақыҭан имҩаҧысит аиндаҭларақәа рыхәҭак. Аусмҩаҧгатәдаҭааит аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.
Уахьамҩа иқәҵан ареспублика ашколқәа рҟынтәи 88-ҩыкаҵаҩцәа. Иара убас, абиологиеи ахимиеи рырҵаҩцәа жәаҩык. Афестиваль мҩаҧысуеит ҩымш.
Иҟоу аинформациала, аҳәаа иахгоуп заа иҟало , цәыббратәи амандарин ҳәа изышьҭоу 1500нызқьтонна инареиҳаны . Уи ҵыҧх аасҭа 500 тонна рыла еиҳауп. Иааидкыланыиуҳәозар, сынтәа аҽаҩра еиҳа еиҵоуп,ҵыҧх аасҭа. Имаҷуп аха,ахаҭабзиара ҳаракуп. Анхацәашықәсыкиззыҧшу раалыҵ аҳәаа иахыганы ирҭиртә еиҧш алшара рымоуп.