АЖӘАБЖЬҚӘА

* Ԥхынкәын 2025

Aҩаша, 30 Ԥхынкәын 2025 08:39

Аспорт адунеи 28.12.2025

Икьыԥхьуп Аспорт адунеи
Aшәахьа, 29 Ԥхынкәын 2025 04:00

Ҳара ҳхаан.Алексеи Касланӡиа

Икьыԥхьуп Ҳара ҳхаан
Aшәахьа, 29 Ԥхынкәын 2025 03:59

Амчыбжь 28.12.2025

Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aшәахьа, 29 Ԥхынкәын 2025 03:57

Сабшала 27.12.2025

Икьыԥхьуп Сабшала
Aсабша, 27 Ԥхынкәын 2025 10:24

Амшеикәшара 26.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Амшхәаҧштә аҟны иқәгылан жәа-зҵаарак инарзынаҧшуа. Ибиуџьеттәым афондқәа фба 2026 шықәсазтәи рбиуџьет шьақәдырӷәӷәеит. Аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит аҳәынҭқарратә ҳаза азы азакәан апроект. Адепутатцәа аратификациа азыруит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа руалафахәы аицшәаразы Урыстәылеи Аҧсныи ирыбжьоу Аиқәшаҳаҭра аҧкаанҵа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҩ-сааҭк инарзынаҧшуа ицоз Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Жәлар Реизара - Апарламент ахь Инашьҭымҭа иазкыз аилатәара анхыркәшаха ашьҭахь, уи иалахәыз ргәаанагарақәа ҳацеиҩыршеит. "Иарбан хырхарҭазаалакгьы зегьы хәыц-хәыц дырзааҭгылеит. Иубаратәы иҟоуп аусураҿы алыҵшәа бзиақәа шыҟоу,аҧхьаҟагьы иазгәаҭоу рацәоуп",- ҳәа рҳәон ҳкорреспондентцәа зыҿцәажәоз. Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба Анашьҭымҭа дазапаҭгыло, ихәеит иҟаҵоу, мамзаргьыҿыц ихацыркхо аусқәа шырацәоу, апарламент аганахьала ахаҵгылара шыҟало. Ҷыдала иазгәеиҭеит, Жәлар Реизарахь Анашьҭымҭаҿы ахырхарҭақәа зегьы ишырзааҭгылаз. 

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 27 Ԥхынкәын 2025 09:50

Урыстәыла ҳшәарҭадара иашьаҭоуп

Адәныҟа-политикатә ҭагылазаашьа аҿиара атәы дазааҭгыло, атәыла ахада иҳәеит,- Владислав Арӡынбеи Сергеи Багаҧшьи ишьҭарҵаз ауасхыр иабзоураны, иахьа адәныҟатәи аполитика аҿиара шамоу, уи амҩа ишану. "Урыстәыла Аҧсназы истратегиатәу ҳәынҭқарроуп. Ҳшәарҭадара иагарантуп",- иҳәеит Аҧсны Ахада.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aсабша, 27 Ԥхынкәын 2025 09:47

Ақыҭа иашықәсхоит

Аҧсны Ахада идикылаз аӡбамҭала, 2026шықәса ҳтәылаҿы ақыҭа иашықәсны ирылаҳәоуп. Ҳазҭало ашықәс азы қыҭацыҧхьаӡа миллионк-миллионк мааҭ аҧара рызшахоит.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31