АЖӘАБЖЬҚӘА

* Ԥхынкәын 2025

Сибиртәи афедералтә унивирситет иатәу агострономиа аинститут аҭаларазы сынтәа Аҧсныҟа иаашьҭуп аквотақәа хәба. Урыстәыла абиуџьет ахарџьала хәыда-ҧсада аҵараиурҭа аҭалара азгәаҭоуп. Уахь иҭалараны иҟоу астудентцәа ралҧшаара апроцесс хацыркуп. Хаҭала, Аҧснытәи аусхкрацәатә коллеџь иаҭааит, ари аус аҿы ацхыраара ҟазҵо Аҧсны иҟоу Россотрудничество агәазыҳәара змоу астудентцәа ралҧшааразы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны иааны иҟоуп Ҭырқәтәылатәи Аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа анапхгаҩы Иауз Аҭрышба зхадараҿы дыҟоу аделегациа. Абҵарамза 23 рзы,Диузџье ақалақь аҟны имҩаҧысыз афедерациа ахантәаҩы иалхрақәа рҿы Иауз Аҭрышба аиааира игеит. Зҭоурыхтә ҧсадгьыл аҟны иааны иҟоу аделегациа идикылеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. Аиҧылара далахәын Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 03 Ԥхынкәын 2025 09:16

Амшеикәшара 02.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ақәыргыламҭа ахәаҧшразы имҩахыҵыз рацәаҩын, иҟамызт иҭацәыз атәарҭа ҭыҧқәа. Иааизакны, Урыстәыла аҳҭны-қалақь аҟны иқәыргылахоитдаҽа ҧшь-қәыргыламҭак.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсныи Урыстәылеи рҵарадырра аминистррақәа ирыбжьоу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны,Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә школ аҿы иаартын аурыз бызшәеи алитературеи рыкласстә уадақәа. Урҭ ҳаамҭазтәи аҵарадырра иақәшәо анормақәа рыла еиқәыршәоуп. Иааидкыланы, ҳтәыла ашколқәа рҿы иаадыртраны иҟоуп 15 класс. Ари апроект анагӡара алыршахеит афонд "Сарасҭоурых"иҟанаҵаз адгылара ала. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 02 Ԥхынкәын 2025 01:58

Амшеикәшара 01.12.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Шьҭарнахыс, аҳабла анхацәа ирымоуп алшара зхы иақәиҭу раамҭа ари апарк аҿы ирхыргаразы. 

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аиҿкаара аусура азкхоит аҿар жәларбжьаратәи русеицура, Урыстәыла аҿартә политика иалоу ахаҳара Аҧснытәи аҿар реилыркаара. Аусмҩаҧгатә актәи амш азы иазгәаҭоуп амастер классқәа, аҧқьаҭымпыл асра, ицәыргахоит Урыстәыла аҿартә центр апроектқәа. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҭыҧқәа аҧнаҵеит амилаҭтә чысқәа рӡыргаразы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Ԥхынкәын 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
1 2 3 4 5 6 7
8 9 10 11 12 13 14
15 16 17 18 19 20 21
22 23 24 25 26 27 28
29 30 31