

Убарҭ иреиуоуп Иури Воронов ихьӡ зху ахҧатәи абжьаратә школ арҵаҩы Викториа Қаҩҧҳа аус зыдуланы иқәлыргылаз алакә.
Аусмҩаҧгатә еиҿнакааит Ауаажәларратә палата. Ахәылҧаз ашҟа днаҧхьан Аҧсны раҧхьатәи Ахада иҧшәмаҧҳәыс Светлана Џьергьениаҧҳа. Ажәлар раҧхьагыла Владислав Арӡынба еиуеиҧшым аамҭақәа рзы аус ицызуаздыргәаладыршәеит аиҧылараҿы.
Аҧсны Ахада Бадра Гәынбеи ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәааи ахәыҷқәа ргәаҳәара нарыгӡеит акциа "Ашанаҵла" аҳәаақәа ирҭагӡаны. Акциа афиналтә хәҭа мҩаҧысит аплатформа "Гәма" аҟны. Ахәыҷқәа рышәҟәқәа рҿы ирҩит Аҧсны Ахадеи дареи еибадырырцдаара ишырҭаху. Бадра Гәынба ахәыҷқәа ргәаҳәара наигӡеит. Ажәабжь иацылҵәит Фатима Гьергьиаҧҳа.
Ҿыц еиҭашьақәыргылоу, ҳаамҭазтәи техникала еиқәыршәоу Гәдоуҭатәи араионтә телехәаҧшра ахаҿра аҧсахит. Ҩаҧхьа астудиа ҿыц аҟынтә аефирахь иҭыҵлоит ажәабжьқәа, уаанӡа аусуразы зҭагылазаашьа маншәаламыз ҳколлегацәа иахьа уаарықәгәырӷьартә иҟоуп. Аҳәынҭқарреи,амеценатцәеи , адепутатцәеи рыцхыраарала араҟа шьаҭанкылатәи аусурақәа мҩаҧган. Аиҭашьақәыргылара ашьҭахь, араионтә телехәаҧшра аартра иазкыз аусмҩаҧгатә ихы алаирхәит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба.