

2015 шықәса раахыс амобилтә еимадара А-мобаил еиуеиҧшым аилахәырақәа рыбжьара ашьапылампыл азы аиҩызаратә турнирқәа мҩаҧнагоит. Есышықәса арҭ аицлабрақәа ирылахәхо акомандақәа рхыҧхьаӡара иацлоит. Аха атурниртә сиа инақәыршәаны 32 команда роуп аиқәшаратә система ахархәарала атурнир аҟны ахәмарра азин змоу. Аиубилеитә хәмаррақәа рымҩаҧысшьа анаҩстәи ҳанҵамҭаҿы.
Радион Ҵәыџьба ихьӡ зху Очамчыратәи акультуратә ҩны аҟны ахәыҷтәы аҳәынҭқарратә ахореографиатә ансамбль» Абазеи» ахәыҷтәы ансамбль «Абжьыуааи» аконцерт еицымҩаҧыргеит. Аусмҩаҧгатә еиҿкаан ареспублика акультура аминистрра агастрольтә план аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Ус аҭахын ааигәа-сигәа иҟоу аҩнқәеи афымцеихшарҭеи аӡы хыҵны ирыҵамларц азы. Уи адагьы, Мархьаул иалсны Кәыдрытәи аҩхаахь уназго Аҟәатәи арратә мҩа ҧықәсылада аус ауларазы. Ари аҭыҧаҿы имҩаҧгаз аусурақәа рымҽхак ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.
Уи иахьа планла иазарбаз апленартә сессиа далахәын Урыстәыла ахада Владимир Путин. Ари асессиа ашҟа днаҧхьан Аҧсны Ахада Бадра Гәынба.Аекономикатә форум аҿы реиҳа хшыҩзышьҭра зызу азҵаатәқәа, уи ашҟа инаҧхьоу Аҧсны анапхгара имҩаҧырго аиҧыларақәа, насгьы лкаақәас иҟарҵо дырзааҭгылоит ҳкорреспондент дзыҿцәажәаз Аҧсны Ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Алхас Ҷолокәуа