

Иара рзырхоуп зылшарақәа ҧку аҿарацәа. Уи иалахәын Аҧснытәи акоманда. Дара ртәылахь ианыхынҳә, ацхыраара рызҭаз ауаажәларратә еиҿкаара "Аҧеиҧш акоманда" аофис аҿы еизыргеит аҿарацәа.Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ақыҭанхамҩа апрограммалааус зуа атәыла мрагыларатәи ахәҭа анаплакқәа ирҭааит аминистрра ахаҭарнакцәа. Дара игәарҭон апроектқәа рҭагылазаашьа. Агәаҭарақәа ирылахәын ақыҭанхамҩааминистр Беслан Џьопуа, аҧыза-аминистр ихаҭыҧуаҩ Вараздаҭ Миносиан.Агәаҭарақәа рымҩаҧысшьа Наала Чхьынџьериа ланҵамҭаҿ.
Гәдоуҭатәи араионтә поликлиникаҿы, Аҧсны Ахадаиҟаиҵаз адҵа инақәыршәаны, ахыбаҧсахразы аусурақәа цоит.Иазгәаҭатәуп,ахыбра аҭоурых-культуратә ҭынха ишаҵанакуа. Убри аҟнытә аргылаҩцәа имҩаҧыргеит ареставрациа.
Уаҟа акыршықәса лыҵшәа бзиала иааиуеит ақыҭанхамҩа аҿиаразы аус зуа апрограмма. Аҧсаатә ранҵараҿы ацхыраара ҟазҵо, мамзаргьы,шәыр еиҭаҳатәла анаплакҩцәа еиқәзыршәо ақыҭанхамҩааминистрра арҭ амшқәа рзы атәыла мрагыларатәи ахәҭа иаҭааит, аус здыруло апроектқәа рҭагылазаашьа агәаҭара хықәкыс иҟаҵаны. Агәаҭарақәа ирылахәын ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа,аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Вараздаҭ Миносиан. Дара Аҧсны Ахада адҵа риҭеит адгьыл иқәаарыхуа анаплакыҩцәеи анхацәеи рыбжьара еиҳа ацхыраара зҭаху алкааны рус азхьаҧшра. Атәыла мрагыларатәи ахәҭаҿы агәаҭарақәа рымҩаҧысшьа ҳзеиҭалҳәоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.
Абри арыцхшә аҳаҭыр азы аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧган агәырӷьаратә еилатәара. Уи иалахәын Аҧсны Ахада Бадра Гәынба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа. Аҳәынҭқарратә институтқәа рсистемаҿы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа аҭыҧ хада ааныркылоит,иҳәеит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба иқәгылараҿы. Иазгәаҭатәуп, атәыла ахада Иусҧҟа инақәыршәаны ишаҧҵаз Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа ахатә бираҟ,иара убасгьы гәыҧҩык афицарцәа еиҳабацәа чынла ишышьҭыхыз. Агәырӷьаратә еилатәара аҟынтә анҵамҭа.