АЖӘАБЖЬҚӘА

* Абҵара 2025

Aҧшьаша, 20 Абҵара 2025 10:07

Уарада. Валери Бигәаа

Икьыԥхьуп Уарада

Иван Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә библиотекаҿы имҩаҧысит аҧсуа поет, ашәҟәыҩҩы Виачеслав Ҷыҭанаа игәалашәара иазкыз ахәылҧаз.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аиҧылараҿызҵаара хаданы иқәгылан ақыҭанхамҩа; ауадаҩрақәеи аҧхьаҟатәи аҿиареи. Ишьҭыхыз азҵаарақәа рҭак ҟарҵеит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Вараздаҭ Миносиан, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, агроном хада Теваз Ачба.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Дара аалыҵ рыдыркылоит Агәӡера аҳабла Садоваиа амҩаду аҿы. Мызкы аҧхьа аусура иалагаз ари анаплакы аҟынтә афеихоа дәықәырҵозҭгьы, иахьа ацитрустә шәыркқәа рыдыркылоит.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 19 Абҵара 2025 00:28

Амшеикәшара 18.11.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

IT - лабораториа Стемлаб аҿы ,амобилтә еимадара Амобаил адгыларала имҩаҧысит, ахәыҷқәа ирызку, раҧхьатәи аҧсуа амобилтә гәлаҵа,еиуеиҧшым ахәмаррақәа еидызкыло аӡыргара. Агәлаҵа цхыраагӡахоит ашколқәранӡатәи, иара убас аиҵбыратә классқәа рҿы итәоуи аҵаҩцәа рзы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Константин Барцыци Дмитри Ҧалаванӡиеи аиааира ргеит "Дерись и побеждай" захьӡыз апрофессионалтә бокстә хәылҧазы аҟны. Аиндаҭларақәа мҩаҧысит Москва "Крылья Советов" арена аҟны. Ари ахәылҧаз аҟны аус руан ҳҭыхратә гәыҧгьы.

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Абҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
          1 2
3 4 5 6 7 8 9
10 11 12 13 14 15 16
17 18 19 20 21 22 23
24 25 26 27 28 29 30