

Уи еиднакылеит аӡынмаҭәа ҧхақәа. Ари акциа аҧшьызгаз, насгьы иҟаҵоу ацхыраара зызку ҳзеиҭалҳәоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.
Арҭ ашықәсқәа зегьы амилаҭтә кьыҧхь иқәнаргылоз ахықәкы еихаҳауа иааиуеит. Ҳаҧсуа литератураҿы иреиӷьу арҿиамҭақәа уасхырс ирымаз ари ажурнал акәын. Аиубилеитә мшы иазкыз аусмҩаҧгатә еиҿкаан Аҟәа, амтилаҭтә библиотека ахыбраҿы. Аиҧылара далахәын Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба.
Иахьазы амҩа рыцқьаны абӷанҷ ақәҧсара иаҿуп. Аҭыҧаҿы аусурақәа шымҩаҧысуа иблала ибаразы Аҧсны Ахада Бадра Гәынба аҭыҧ даҭааит.
Аӡынра аамҭазы зыҧсы зшьарц ҳәа иаауа аҧсшьацәа рхыҧхьаӡара абанӡарацәоу? Хаҭала, ашықәс ҿыц ҳхтәылаҿ иаҧыларц зҭаху шаҟаҩык ыҟоузеи? Иааизакны изеиҧшроузеи аҭагылазаашьа ҳсасааирҭақәа рҿы заанаҵтәи аҿаҵарақәа рганахь ала. Арҭ азҵаарақәа рыманы,ҳҭыхратә гәыҧ дәықәлеит ақалақь иаҵанакуа асасааирҭақәа рахь. Шәахәаҧш анҵамҭа.