

Уаҟа иӡырган 2026шықәса лаҵарамзазы ихацдыркраны иҟоу зымҽхак ҭбаау апроект "Агәабзиара амаршрутқәа". Аҧсны Мрагыларатәи ахәҭаҿы атуристтә инфраструктура аҿиареи, аҧсшьацәа адзыҧхьало аҭыҧқәа раҧҵареи алзыршо акәны иахәаҧшуеит уи аиҿкааҩцәа. Ажәабжьиациҵоит Алиас Қорсаиа.
Аусмҩаҧгатә ҭагалантәи аҽаҩра иадҳәалоуп,аха афеихоа аҳра ауан, ихадоу шәырны иалкаан. Уи иалху еиуеиҧшым ахаа-мыхаақәеи , амилаҭтә чысхкқәеи , иҷыдоу аҧсуа фаст-фуди ӡырган. Уи адагьы, аҟазаратә классқәа, ақыҭанхамҩ ааалыҵ ацәыргақәҵа уҳәа рыла ишьақәгылан апрограмма. Афестивальеизнагеит хыҧхьаӡара рацәала аҭыҧантәи анхацәа реиҧш, аҳҭны-қалақь асасцәагьы. Аныҳәа рхы аладырхәит атәыла ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыҧуаҩ Сергеи Кириенкои. Гьамала имҩаҧысыз афестивальиалахәын ҳҭыхратә гәыҧгьы.
Аҧсны аҵара аминистрра ф-нызқь екземплиар ажәбатәи аклассқәа рзы агеографиа ашәҟәы ҿыцқәа рынаҭеит ҳреспублика ашколқәа. Арҵагатә шәҟәы аӡыргара мҩаҧысит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол аҿы. Иара убасгьы, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә унивирситет аҟны иҟоу аквалификациа аизырҳареи акадрқәа реиҭазыҟаҵареи рзы ареспубликатә центр арҵаҩцәа асеминар рзеиҿыркааит.
Азакуанҧҵаҩцәа 2026 шықәсазы ареспубликатә биуџьет иахәаҧшны актәи аҧхьараҿы ирыдыркылеит, иара убасгьы ирыдыркылеит иҳәынҭқарратәым афондқәа быжьба рбиуџьет. Даҽа 20 миллион мааҭ азоужьхоит ЕКО апроцедура хәыда-ҧсада амҩаҧгаразы апрограмма.
2026-2030 шш.рзы ареспублика асоциал-економикатә ҿиара аҳәынҭқарратә программа анагӡаразы Аҧсныи Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра апроект рыдыркылеит аминистрцәа. Ҳазҭалоу ашықәс ҿыц инаркны аҳәынҭқарратә усбарҭақәау русзуҩцәа руалафахәы ацҵара азгәаҭоуп. Ирылацәажәан егьырҭ азҵаарақәа жәпакы.