

74 шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аҧсны аџьынџьтәылатәи еибашьра аветеран, Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеран, Ахьӡ-аҧша аорден ахҧатәи аҩаӡара занашьоу Даур Шларба.
Азҵаара ақәыргылара, акадр аҿы ахымҩаҧгашьа, аиаша аарҧшра, ажурналистика азанааҭ хырхарҭа рацәала ирзеиҭарҳәон астудентцәеи, ажурналистцәеи злахәыз «Медиа школ» арҵаҩцәа. Ҩымш имҩаҧысуаз атренингқәа еиҿыркааит Аҧсны иҟоу Москва аҩны. Ахыркәшамҭаз акурсқәа ишырхысыз атәы зҳәоз аршаҳаҭгақәа рырҭеит. Аиҧыларақәа аинтерес ахьынӡарыҵаз ҳкорреспондентцәа ранҵамҭаҿы.
«Рок-н-ролл асқам аҿы»- абас ахьӡуп аҧсуа драматә театр 94-тәи асезон злаанартыз иҿыцу ақәыргыламҭа. Ахәаҧшцәа рхыҧхьаӡараҿы дыҟан Шьазина Ханагуаҧҳагьы.
Аҧсны Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа даҭааит Гал араион, аҳәынқарратә совхоз «Магәиџра» аҟны амца иҧхасҭанатәыз ацитрустә плантациақәа. Иааидкыланы ҩажәи жәаба геқтар амандарина блит. Шәахәаҧш Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭа.
Уи иалахәуп Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черкессиеи, Адыгатәылеи, Аҧсныи рҟынтәи ажурналистцәа, апоетцәа, алитераторцәа. Алитературатә фестиваль мҩаҧган Аҧсны акультура аминистрра ацхыраарала. Аҧсны афырхаҵа, аинрал-леитенант иҧшәмаҧҳәыс Лиубов Сосналиевеи, Ҟабарда-Балкариатәи ауаажәларратә усзуҩ, ашәҟәыҩҩы, ажурналист, Зарина Кануковеи иҟарҵаз аҧшьгарала. Афестиваль аадыртит Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы.
Аҧсны Ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит шьҭрала иаҧсуоу, аха аҭоурых аӡыбларақәа ирыхҟьаны зыҧсадгьыл ааныжьра зықәшәаз, иахьа Урыстәыла иатәылауаҩу ҳџьынџьуаҩ Меҳти Киут. Атәыла ахада Аслан Бжьаниа Меҳти Киут Аҧсны дшатәылауаҩу зыршаҳаҭуа ашәҟәы инапаҿы ииркит. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы игаз аиааира 31 шықәса ахыҵра амш инақәыршәаны, Хәаҧ иаадыртит зыҧсадгьыл зхы ақәызҵаз аҵеицәа ргәаларашәара иазку ҿыц еиҭашьақәыргылаз абаҟа.Уа иануп Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьраан зыҧсадгьыл зхы ақәызҵази Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахази рыхьӡқәа. Абаҟа аартра иалахәын Аҧсны Жәлар реизара адепутатцәа, атәылахьчара аминистрра, ауаажәларра, араион анапхгара, аветеранцәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа .
Аруаа ицәырыргеит абџьарқәа рҿырҧштәқәа, иҿыцу аибашьыгақәеи иҷыдоу атехникеи назлоу. Ажәабжь иацылҵоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.