

Аҳәынҭқарратә программа «Анхара» аҳәаақәа ирҭагӡаны ахшара рацәа змоу Антонианаа рҭаацәара нхарҭатә ҭыҧла еиқәыршәоуп. Дара аҳәынҭқарра аҟынтә ирзоужьын миллион мааҭ аҧара. Уи ахархәарала Ешыра ақыҭан иаархәеит иахьынхаша ауада. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Ихыҵит Гарикәара. Архивтә шәҟәқәа уаҟа иҵәахымызт аҟынтә, аҧхасҭа рмоуит . Аха ахыбра акәша-мыкәша агәам ықәнажьит. Архив аусбарҭа ари аҩыза арыцҳара иақәшәахьан жәохә шықәса раҧхьа. Шьыжьнаҵы агәам ақәгара иалагеит. Ацхыраара рырҭеит аҳҭнықалақь акоммуналтә усбарҭеи, хаҭала «Аҟәаргылара» аусзуцәеи. Шәахәаҧш Наала Чхьынџьериаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа.
Иахьатәи аҭыжьымҭаҿы:
00:15 Амҩаҧгаҩ Асмаҭ Гәниа
01:10 Амчыбжь азы иалкааз ажәабжьқәа ааркьаҿны.
03:35 Ихыркәшоуп Аҧсны атәылахьчара аминистрра акоманда-штабтә ҽазыҟаҵарақәа.Уи амҩасшьа ҳҭыхратә гәыҧ иаздырхиаз анҵамҭаҿы.
08:45Аиустициа аминистрра аусӡбаратә нагӡаҩцәа рмаҵзура инанагӡо афункциақәа ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.
Акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» ааҧхьарала, ҩаҧхьа Аҧсныҟа дааит атравматолог-ортопед, амедицинатә наукақәа ркандидат Георги Чибиров. Аҳақьым ҳтәыла ареабилитологцәа алекциа дырзаҧхьеит. Анаҩс згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәеи рҭаацәеи идикылеит. Атема иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.