

Иҳаҩсыз аҧсшьара мшқәа беиан аспорттә еицлабрақәа рыла . Иаарылукаартә испорттә хҭысны имҩаҧысит ҩы-мш ицоз «Аҟәатәи амарафон». Ҳаҳнықалақь аҿы ныҳәаҵас еиҿкааз аусмҩаҧгатә зҽалазырхәыз рхыҧхьаӡара маҷмызт . Аицлабра анаҩсгьы еиҿкаан асасцәеи ауааҧсыреи изҭааша , рыҧсы ахьыршьаша аҭыҧқәа . Ҩы-мш амарафон цонаҵы аҭыҧ аҿы аус руан ҳҭыхратә гәыҧқәа Уажәы ишәыдаагалоит анҵамҭа.
Владимир Завгородни игәахәтәы наӡеит. Аҳәынҭқарра аҟынтәи иоуит аҩны. Иара жәаф шықәса анихыҵ деҭымхеит. Ҳтәылаҿы аус зуа апрограмма «Анхара» акатегориақәа руак дақәнагоит. Уи иабзоураны, иҧсҭазаара лашарак ацлеит. Еиҿикааз инхара гәахәарыла ҳҭыхратә гәыҧ идирбеит.
Ақыҭанхамҩа аҿиара аҳәынҭқарратә программа иалахәыз анхацәа атехника рзыршеит,атрактор маҷқәа ҩажәи хҧеи ашәыр арҩаразы амыругақәеи .Ари апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны ашықәс нҵәаанӡа ацхыраара рыҭахоит хышәи ҩынҩажәаҩык аусдкылаҩцәа. Атехника ахьырзыршоз аҭыҧ иаҭааит ҳҭыхратә гәыҧ .
00:13 Амҩаҧгаҩ: Сима Аргәынҧҳа
01:08 Амчыбжь ахҭыс хадақәа рыхҳәаа
05:13 Жьҭаарамза 27 аҧсуа бызшәа иамшуп. Арыцхә инамаданы Аҧсны ахада идныҳәалара
05:13 Ҳхатәы бызшәала ицәажәо аҧсышәала ихәыцуа рхыҧхьаӡара еиҳахарц азы иаҧҵоу апроект ҿыцқәа ирызку ҳанҵамҭа ҷыда.
19:51 Абызшәазы азакәан. Аус ауама? Иаҭахума аиҭакрақәа? Урҭ азҵаарақәа дрылацәажәоит адырраҭара асас хада жәлар реизара адепутат Инар Саӡба
31:48 «Аҟәатәи амарафон». Аспорти акультуреи рныҳәа мҩаҧысит аҳҭнықалақь аҿы.
XXII Музыкальный фестиваль "Хибла Герзмава приглашает..." Джаз-бэнд под управлением Сергея Макеева с участием саксофониста Игоря Бутмана.
Абџьар-ҟазацәа рхеилак «Х-напы» ицәырыргеит ҳера ҟалаанӡа абыжьбатәи ашәышықәса инаркны, ихьшәоу ашәышықәсақәа ирыҵанакуа аҧсуа ажәытә шәақьқәа. Афестиваль аҿы ажьира иазкны амастер-класс еиҿкаан. Убри анаҩсгьы, аҳәызбақәеи, абџьарқәеи, ахыци-ахәымпали ирызкыз ажәабжьқәа еиҭаҳәан. Ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит ахҭыс бзиа иалахәыз Наала Чхьынџьериаҧҳа