АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жьҭаара 2024

Aхәаша, 18 Жьҭаара 2024 09:33

Ажәеиҧшьаа. Ачашәара

Икьыԥхьуп Ажәеиҧшьаа
Aҧшьаша, 17 Жьҭаара 2024 22:19

Амшеикәшара 17.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҳреспублика акультуратә ҧсҭазаараҿы аиҭакра бзиақәа ыҟоуп. Даҽа музеик аатуеит ҳаҳҭнықалақь аҿы . Аҭоурых-культуратә ҭынха иахыҧхьаӡалоу Аҟәатәи абааш аиҭашьақәыргыларазы мҽхакы ҭбаала аусурақәа цоит . Уи иазоужьуп аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи аҧара . Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Очамчыра ақалақь аҿы ирацәаҩуп иҧсабаратәу аалыҵ зхы иархәаны еиуеиҧшым аусумҭақәа ҟазҵо . Урҭ дыруаӡәкуп Адамыр Аршба. Иҟыбаҩ ихы иархәаны иахьа зшьапы иқәгылоу усдкылаҩуп, аха уи зегь залыршахомызт аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара имоузтгьы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Урҭ рҳәаа иҭагӡаны Очамчыратәи атанктә рота имҩаҧнагеит адәҭыҵра. Уи хықәкыс иамаз атәы еиҭеиҳәоит Даур Инаҧшьба.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Жьҭаара жәибжь рзы Аҟәа ахәҭак ӡырыжәтәда иаанхеит -Аҳабла Ҿыц, Ажәытә Ҳабла, Колос, Вием аҩадатәи ахәҭа . Аҳҭнықалақь агәаҿы аӡы амчхара маҷхеит. «Аӡыршьҭра» аусзуҩцәа амш шыцәгьазгьы, мышкы хәлаанӡа аус руан . Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иахьа инапы злаку аус аҽарҭбааит Аҧсны аекономика аминистрраҿы абизнес ацхырааразы аус зуа апрограмма иабзоураны. Аҳәынҭқарра аҟынтәи иоуи агрант.Ажәабжь еиҭалҳәоит Наала Чхьынџьериаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Лыҧхала аҧсыҭбара ҟамлеит, аха аҭаацәара хыҵакырҭада иаанхеит. Амҷаа рҭаацәара аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара иақәгәыҕуеит. Шәахәаҧш анаҩстәи ҳанҵамҭа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Шьҭа ҧшьышықәсоуп «Аҧсны адиабет еилазаара» аҧшьгарала, ашьақар чымазара змоу ахәыҷқәеи рҭаацәеи рзы алагер еиҿыркаауеижьҭеи. Уи хықәкыс иамоуп ари ачымазара зыхьуа рҭаацәарақәа рдырра аизырҳара, рҧышәа аимдара . Ҩы-шықәса инеиҧынкыланы ари апроект анагӡаразы ацхыраара рынаҭоит Аҧсны атуризм аминистрра.Шәахәҧш Сариа Кәарцхьиаҧҳа иазлырхиаз анҵамҭа

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31