АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жьҭаара 2024

Агәырҕьареи, ачеиџьыкеи ,алахҿыхреи зцу ари аныҳәа рхы аладырхәуеит Ҟарачы-Черкесынтәи асасцәа. Атема иациҵоит Даур Инаҧшьба.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Афилологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, аҵарауаҩ- алингвист, ауаажәларратә усзуҩы нага Екатерина Платон-иҧҳа Шьаҟрыл диижьҭеи иахьа 100 шықәса ҵит. Лара лгәалашәара иазкны дахьынхоз аҩнаҿы иаартын амемориалтә ҕәы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Убри иахҟьаны, ахәыҷқәа аҵаразы Аҟәаҟа аара рықәшәон . Дара ргара – раагара азҵаара ӡбахеит апроблема шыҟаз атәыла Ахада иҟынӡа ианнарга. Уажәы аҭагылазаашьа зеиҧшроу Лаура Қаҧшьҧҳа ланҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҧшьаша, 24 Жьҭаара 2024 05:20

Амшеикәшара 22.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аргылаҩцәа шьыжьы-инаркны хәылбыҽханӡа, зны-зынла аҵх агәынӡа аус руеит. Ахәыҷтәы хәышәтәырҭа дыргылоит Урыстәыла аинвестициатә программа ала. Уи иазоужьуп фышәи ҩынҩажәи жәаба миллион маҭ . Аиҿкааратә усурақәа рнапы иануп КДК девелопмент.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҟәатәи адәыҕбатә аанҿасырҭаҿы аҧсшьаҩцәа рацәан шьыжьнаҵы. Атуристә дәыҕба «Риҵа» круизк аҳасабала Аҧсны иаҭааит. Аҧсшьаҩцәа аныҟәарақәа рзеиҿыркаауеит Афон ҿыци Риҵеи рышҟа. Дәыҕбала аныҟәарақәа ирыҵоу аҧхарра атәы ҳҭыхратә гәыҧ ранҵамҭаҿы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 21 Жьҭаара 2024 23:12

Амшеикәшара 21.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Москватәи ахәыҷтәы ансамбль «Амцабзи» еицырдыруа Урыстәылатәи арежиссиор, акиноактиор, асценарист Никита Михалкови сценак аҿы. Хышықәса ҵуеит Михалков «Жәаҩа» захьӡу ифильм иалхны атеатрқәа рҿы аспектакль ықәиргылоижьҭеи.Иҳәатәуп ақәҿиарагьы шамоу . Ақәыргыламҭаҿы акәашаратә номер назыгӡо ансамбль «Амцабз» хореографс дамоуп актиор, акәашаҩ Лаша Марыхәба. Аспектакль ҩажәа қалақь рҿы иқәдыргылахьеит . Ҳгәыҕуеит, мышкызны Аҧсныҟа иаап ҳәа .Иҳаҩсыз амчыбжь азы Шәачатәи ахәаҧшцәа хырхит. Аспектакль ахьымҩаҧысуаз Аӡынтәи атеатр аҟынтәи анҵамҭа азлырхиеит Сариа Кәарцхьиаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31