АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жьҭаара 2024

Уаҟа иазааҭгылан шықәсык иалагӡаны анаука аган ахь ала имҩаҧгаз аусмҩаҧгатәқәа, еиҿкаан ацәыргақәҵа. Ахҭыс далахәын атәыла ахада иусбарҭа аиҳабы Абесалом Кәарҷиа

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәса аасҭа сынтәа аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәала аа-миллиардк инарыцны еиҳауп. Ҳазҭало ашықәс азы аҳәынҭқарратә биуџьеҭ ахашәалахәы иааизакны жәибжь миллиард мааҭ инарыцны ҟалоит ҳәа иҳәаақәҵоуп. Урҭ рҟынтә жәаҩа миллиард –ахатәы хашәалахәуп, иҳәеит аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ , афинансқәа рминистр Владимир Делба аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы иқәгылараан . Иара иажәақәа рыла, Урыстәыла афинанстә цхыраара ҩнызқьи ҩажәи ҧшьба шықәсазы иҟаз аҩаӡараҿы иаанхоит –хә-миллиард мааҭ инарыцны . Владимир Делба, иара убас иазгәеиҭеит, ҧшьы-шықәса раҧхьа абиуџьеҭ ахатәы хашәалахәы ҧшь-миллиардки аашә- миллион мааҭи шыҟаз , сынтәа жәаҩа миллиард иреиҳахеит. Уи аизҳара зыбзоурахаз, анаҩс иарбан зҵаарақәоу иҵегь излацәажәаны ишьақәдырҕәҕәаз шәзеиҭалҳәоит Амра Зарандиаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Урҭ рыхьӡала Аҟәа игылоуп абаҟа. Уахь ашәҭқәа шьҭарҵарц инеит Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа, адепутатцәа, аминистрцәа реилазаара рхаҭарнакцәа, ауаажәларра, арепрессиақәа раан иҭархаз рҭынхацәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 30 Жьҭаара 2024 10:39

Амшеикәшара 29.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Шьоукы аҧхынра агәаны аара бзиа ирбоит, егьырҭ иалырхуеит ҭагалантәи аамҭа. Ҭагалантәи аҧшӡареи, аҧсшьареи алызхуа атуристцәа ргәаанагарақәа еилыркаауан ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Иара убасгьы, уи иаҭааз идырбан Шәарах Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи Аҧсуа ҳәынҭқарратә комедиатә театр иқәнаргылаз аспектакль «Асабша ашьыбжьышьҭахь». Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Адунеи аҿы ҳәынҭқаррак аҧыжәара ганы, егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рымчрақәа ҧкымхарц ҳаамҭазтәи азнеишьеи агуманитартә инфраструктуреи рҵакы иазааҭгылеит Аҧсны Ахада иҿы иаҧҵоу аинформациатә центр аҟны. Имҩаҧысит жәларбжьаратәи аконференциа. Иара иалахәын Ареспублика аҵарауаа қәыҧшцәа реиҧш, Урыстәылатәи аҵараиурҭақәеи аиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәагьы.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 28 Жьҭаара 2024 22:20

Арра-спорттә хәмаррақәа

«Аиааира». Абас ахьӡуп иаатыз арра-спорттә хәмаррақәа . Уи иалахәуп Аҧсны араионқәеи ҳаҳҭнықалақьи ашколхәыҷқәа ркомандақәа. Актәи амш имҩаҧгаз ахәмаррақәа рымҩаҧысшьа шәзеиҭалҳәоит Амра Зарандиаҧҳа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Актәи аҭыҧ ааннакылеит Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк акоманда. Иҳаҩсыз асабшеи амҽышеи рзы Бзыҧҭатәи аҽырҩырҭаҿ имҩаҧысит Аҧсны аҽыбҕаҟазацәа рчемпионат. Уи иалахәызи алҵшәақәеи Енвер Арџьениа ианҵамҭаҿ.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

СССР аспорт азҟаза Борис Ҷолокәуа игәалашәара иазкын Тҟәарчал ақалақь акультуратә хан аҿы имҩаҧысыз ареспубликатә турнир . Иара еиҿыркааит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилаки Аԥсны ақәҧаразы Афедерациеи. Шәахәаҧш аусмҩаҧгатә иалахәуз Елиф Адлеиҧҳа ланҵамҭа .

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31