

Иманшәаланы иааразы аихамҩа аус адулан. Шәахәаҧш адәыҕба аангыларҭа аҟынтәи Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭа.
Очамчыра ақалақь амҩадуқәа рҿы «Амшынеиқәафымцамч» аусзуҩцәа алашара ахаҭабзиара еиҕьхарц азы ацәаҳәа рыҧсахуеит, анаҩс ҩнаҭацыҧхьаӡа иқәдыргылараны иҟоуп алашара ҧхьаӡагақәа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Абиҧарақәа реиқәҿыҭра. Жәындәрыҧшь ақыҭан х-абиҧарак рбаҟақәа ахьгылаз иацлеит даҽа ҩ-баҟа дук. «Аҧсуаа шәҩыуаа», ареволиуциатә гәыҧ «Кьараз» иалаз Жәындәрыҧшьаа рбаҟа. Уи алыршахеит аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ицхыраарала. Ажәабжь иацылҵоит Лаура Қаҧшьҧҳа.
Хынҩажәи жәиҧшь шықәса дшырҭагылаз иҧсҭазаара далҵит Аҧсны аџьынџьтәылатә еиабашьреи, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрреи рветеран Леон иорден занашьоу Олег Чалмаз.
Аҧсны аҳәынҭқарра ахыҧхьаӡара еихшьааларатә еилакы ахантәаҩы Кама Гогьиа далахәын аҩбатәи жәларбжьаратәи астатистикатә форум. Уи аус ауан жьҭаара алагамҭазы, Ташкент. Аиҧылара хықәкыс иамаз - Амра Зарандиаҧҳа ланҵамҭаҿы.
Аҧсны Ахада инапынҵа инақәыршәаны ,ареспублика аҵараиурҭақәа рҟны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаҧыргоит. Убас, уажәы , Тҟәарчалтәи ахәбатәи абжьаратә школ иаакәыршаны иҟаҵаз аанда рбганы аҿыц ала ирыҧсахуеит . Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Жьҭаарамза жәба рзы Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы имҩаҧысраны иҟоуп ахҧатәи жәларбжьаратәи аоператә фестиваль «Опера Вива». Еицырдыруа амузыкатә рҿиамҭақәа нарыгӡоит аҳәынҭқарратә оркестр, аҳәынҭқарратә хортә капелла, Вадим Судаков ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә капелла. Уи инаҷыдангьы, иқәгылоит Аҧсни, Урыстәылеи, Китаи роператә шәаҳәаҩцәа. Шәахәаҧш Шьазина Ханагәуаҧҳа ланҵамҭа.