

Ареспубликаҿы инхо аурысцәеи аерманцәеи рхәыҷқәа аҵара ахьырҵоу абжьаратә школқәа рҟны аҧсуа бызшәа арҵара шҧеиҿкаау? Абри азҵаара аҭак аҟаҵара иҽазишәеит Заур Кәарҷиа .
«Амалқәа зегьы ирмалу»- аҧсуа бызшәа амчыбжь хыркәшо, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҟәатәи аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны имҩаҧысит авикторина «Аҧсуа бызшәа бзиа избоит сара» захьӡыз. Уи иалахәын аҧсуа школқәа рҟнытәи ахҧатәи аклассқәа рҵаҩцәа.
Уи иазкыз аилатәара иалахәын Аҧсны ахада ихаҭыҧуаҩ Бадра Гәынба, ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Рауль Лолуа. Аветеранцәа рыхьӡала адныҳәаларатә шәҟәы наишьҭит Атәыла Ахада Аслан Бжьаниа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Уи азы аҳҭнықалақь ахадара абиуџьет аҟынтә хә-миллионк мааҭ инареиҳаны аҧара азоужьын. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.
Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, агуманитартә, асоциалтә, ауаажәларратә, афизика-математикатә, амедицина-биологиатә ҭҵаарадыррақәа рганахь ала русумҭақәа цәырыргеит аҵарауаа ҿарацәеи аспирантцәеи. Афорум мҩаҧысуеит ҩышықәса рахь знык. Агәыҕра ыҟоуп, 2026 шықәса инаркны афорум жәларбжьаратәи аҟазшьа аиуп ҳәа. Ҩнызқьи ҩажәи ҩба шықәсазы имҩаҧгаз раҧхьатәи аҵарауаа ҿарацәа рфорум аматериалқәа реизга ҭыҵит. Уи ӡырган. Афорум аартра ихы алаирхәит Аҧсны ахада иусбарҭа анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиа. Ажәабжь иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.
Аҧсны аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, акыршықәсқәа инеиҧынкыланы Кәтолтәи абжьаратә школ аҿы рҵаҩыс аус зухьаз, ақыҭа хадас иҟаз, акымкәа ашәҟәқәа ҭзыжьхьоу. Гиви Иван-иҧа Ҵнариа 75 шықәса ихыҵит. Ари амш аҳаҭыр азы ААУ ажурналистика афакультет аҿы имҩаҧысит аиубилиар дызлахәыз аиҧылара. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа,