АЖӘАБЖЬҚӘА

* Жьҭаара 2024

Гәдоуҭа ақалақьи, иара убас ақыҭақәеи рҿы ацәаҳәақәа рыҧсахуеит , атрансформатор ҿыцқәа шьақәдыргылоит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Еиҵагыло аҿар аҵара дырҵареи рааӡареи рҿы рџьабаа азы жәеизаҩык арҵаҩцәа «Аҧсны зҽаҧсазтәыз арҵаҩы»ҳәа ахьыӡ ҳаракы рыхҵоуп. Аҧснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿы арҵаҩ имш иазкыз аныҳәа мҩаҧысит. Уи иалахәын Аҧсны араионқәа зегь рҟынтә арҵаҩцәа. Здыррақәа ҵауло ашкол амаҵ азызуа ауаа дрыдныҳәалеит Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aхаша, 16 Жьҭаара 2024 05:48

Аҧырсал

Ҭырқәтәыла зхатәы ус змоу аԥсуаа иреиуоуп Ҩмиҭ Ашәбеи Ҳақан Чегьеми .Гебзе ақалақь аҿы аиха иалхны аконструкциақәа ҟаиҵоит Ҩмиҭ Ашәба . Урҭ рыла аҩнқәеи азауадқәеи дыргылоит . Ҳақан Чегьем ашәыри ауҭраҭыхи зқәырҵо аидчаԥалақәа ахьыҟарҵо афирма "Pasifik raf" аҿы аус иуеит . Уи афирамагьы Жьиаа иртәуп .

 
Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aҩаша, 15 Жьҭаара 2024 21:43

Амшеикәшара 15.10.2024

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи иалахәын аҵарауаа, ауниверситет апрофессор-рҵаҩратә еилазаара, астудентцәа. Апоет инысымҩеи илшарақәеи ирзааҭгылеит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Ажәытә ықәхны ахаҳәҟьаҧс ҿыц шьҭарҵоит. Урҭ рхыркәшара азгәаҭоуп жәамш ирылагӡаны. Амҩа егьи ахәҭаҿы асеиҧш аусурақәа мҩаҧыргахьан. Иааизакны , ашьаҟауаа рымҩа аҩ- ганк арҽеиразы араионтә биуџьет аҟынтәи иазоужьын ф-миллионки аашә-нызқь мааҭ аҧара. Ажәабжь иацылҵоит Лаура Қаҧшьҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны Аҳәынҭқаарратә программа «Анхара» абзоурала, Очамчыра ақьалақь инхо актәи агәыҧ аинвалидра змоу Гиа Џьопуа иҭаацәа аҳәынҭқарра аҟынтә ирыҭан миллионк мааҭ аҧара. Уи иабзоураны иаархәеит х-уадак змоу анхарҭа. Анаҩс рхатә харџьла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирылагеит. Ихдыркәшараны иҟоуп мызқәак рыла. Ажәабжь бзиа иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Аҧсны асовет аамҭазы ачаитә индустриа аҩаӡара ҳаракын. Ачаитә плантациақәа 14 000 гектар рҟынӡа рыҵанакуан, насгьы шықәсык 25 000 тонна ачаи ҭаргалон. Ачаи аарыхра дуун. Егьырҭ ареспубликақәа рахь ирышьҭуан. Очамчыра араион Кәтол ақыҭа иаҵанакуа Ҭоумышь аҳаблан аҭоурых ду змоу ачаи аиҭарҿиара иаҿуп. Зеиҧшыҟам аҳауеи, адгьыл бзиеи знаалаз ачаи рнапы алакуп ҩыџьа аиҩызцәа. Иаҧҵаны ирымоуп рхатә фирма «Еко чаи». Ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит Наала Чхьынџьериаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи мҩаҧысуеит аҳәынҭқарратә аунитартә наплакы Аҧсны аихамҩа ахатә харџь ала. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aшәахьа, 14 Жьҭаара 2024 21:34

Ҳара ҳхаан. Иури Дочиа

Икьыԥхьуп Ҳара ҳхаан

Архив новостей

« Жьҭаара 2024 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
  1 2 3 4 5 6
7 8 9 10 11 12 13
14 15 16 17 18 19 20
21 22 23 24 25 26 27
28 29 30 31