АЖӘАБЖЬҚӘА

* Лаҵара 2025

Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:50

Аҟәыбҷа. Амиреи Амири Маланӡиаа

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:49

Аҧырсал. Ҵабал-Немли

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:45

Амчыбжь 25.05.2025

Уахатәи ҳҭыжьымҭаҿы:

  • Аполитика, аекономика, асоциалтә хырхарҭа. Амчыбжь ахҭыс хадақәа рыхҳәаа.
  • Аҧхынтәи аҧсшьара хьчоуп. Амилициа аусзуҩцәа акурорттә сезон азы ашәарҭадара азҵаара ҭакҧхықәрала иазнеуеит, ҳтәыла акурорттә ҭыҧқәа рҿы русура дырҕәҕәоит. Уи атәы ҳанҵамҭа ҷыдаҿы.

-Ахәыҷтәы ҧарақәеи ан лмали зауз Урыстәыла атәылауаҩра змоу Аҧсны инхо анацәа рызҵаара аӡбаразы изныкымкәа аҳәара ҟарҵахьеит. Уи апроблема аҭҵаареи, аӡбаразы азакәантә шьаҭала амҩақәа рыҧшаареи рзы иаҧҵаз аусуратә гәыҧ алахәыла Жәлар реизара адепутат Дауҭ Хәытаба иҿцәажәара.

  • Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Анаука-ҭҵааратә центр Курчатовтәи аинститути аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит ҳазҭоу амчыбжь азы.

       Аҧсны Афырхаҵа Виктор Тәанба имшироуп лаҵарамза ҩажәи хәба рзы. Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи ҳҭыжьымҭаҿы. Ииашәымган.

Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aшәахьа, 26 Лаҵара 2025 11:43

Сабшала 24.05.2025

Иахьатәи ҳҭыжьымҭаҿы:

00.10 Амҩаҧгаҩ-Шьазина Ханагәуаҧҳа.

04.10 Аҵарадырра аеҵәақәа. Х-ҩык аушьҭымҭацәа ахьтәы медал аиуразы рыхьӡ ҳәоуп.

12.40 Ҳазыҟаҵома ҳашәхымц иаалагылаз амшынҭалара асезон.

17.27 Ахаҵара ициит, иагьиҭынхеит, ахааназ кьаҭара зқәым Ахьӡ-Аҧша ацны. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аветеран Даур Шларба иҭоурых

Икьыԥхьуп Сабшала
Aхәаша, 23 Лаҵара 2025 08:05

Амшеикәшара 22.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уи иахҟьаны, азеижәтәи ашәышықәсазы зықь-ҩыла аҧсуаа рҭоурыхтә ҧсадгьыл ааныжьны ицар акәхеит Ҭырқәтәылеи ааигәатәи мрагылара атәылақәеи рахь. Аҧсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭрақәа адунеи ҩынҩажәи жәаба ҳәынҭқарра рҟны инхоит. Зегь реиҳа аҧсуа диаспора рхыҧхьаӡара рацәоуп Ҭырқәтәыла. Амҳаџьырқәа ргәаларшәара амш аҽны Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилаки Омар Беигуа ихьӡ зху аҳәаанырцәтәи аҧсуаа рҭоурыхтә музеи аусмҩаҧгатәқәа жәпакы еиҿыркааит. Атема иацылҵоит Шьазина Ханагәуаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Уажәааигәа Аҧсны Ахада Бадра Гәынба Кәтол ақыҭа Ҭоумышь аҳабла ачаи культура аиҭарҿиара иаҿу анаплакыҩцәа дырҭааит. Ирыгу–ирыбзоу дазҵааит. Анаплакы аҧшәмацәа Адгәыр Гьергьиеи Алиас Асланӡиеи Аҧсны Ахада изеиҭарҳәеит раалыҵ аҭираҿы ауадаҩрақәа шрымоу. Бадра Гәынба ацхыраара шриҭо ала иақәиргәыҕит, иагьынаигӡеит. Ажәабжь иацылҵоит Амра Зарандиаҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Абри ахыҧхьаӡара аҟынтәи ажәабатәи Ашьхаруаа рышкол аушьҭымҭацәа х-ҩык хьтәы медалла иалгеит. Анна Аҩӡыҧҳа, Наала Бжьаниаҧҳа, Алиса Быҭәҧҳа. Рыхҩыкгьы Аҟәа ақалақь ахадара ахьӡала 50–50 нызқь мааҭ аҧара ранашьоуп. Баграт Шьынқәба ихьӡ зху актәи абжьаратә школ аҿы акәзар, 59-ҩык алгеит. Аушьҭымҭацәа зегьы азанааҭқәа алырххьеит. Урҭ рыбжьара иҟоуп Иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа ирҭалахьогьы. Аҵыхәтәантәи аҵәҵәабжьы ргәы хыҭ-хыҭуа иазыҧшын зегьы. Аҿар ргәырҕьара рыцеиҩылшаразы ашкол даҭааит Аҧсны аҵара аминистр Хана Гәынҧҳа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Араҟа аушьҭымҭацәа ирыдныҳәалоз рхыҧхьаӡараҿы дыҟан Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Атәыла Ахада Бадра Гәынба Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ аушьҭымҭацәа аҵаратә процесс ахыркәшара хаҭала ирыдиныҳәалеит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Архив новостей

« Лаҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31