

Ашәҟәыҩҩы игәаларшәара иазку аиҧылара мҩаҧысит Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотекаҿы . Уи иалахәын Қьаазым Агәмаа ихьӡ зху иқыҭа гәакьа Ӷәадатәи абжьаратъ школ аҵаҩцәа, арҵаҩцәа, иуацәа, иҭынхацәа .
Ашьха ӡыхьеиҧш ахьахьа-хьаҳәа аҧсшәа бзиа избоит сара, иамаӡамкуа хьаҳәа-ҧаҳәа иқәыҩҩлааит Аҧсынра. Еихышәшәа ицо арҭ ацәаҳәақәа равтор Баграт Шьынқәба диит лаҵарамза 12 рзы. Аҧсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгатәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аҧша аорден актәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауриат Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 108 шықәса аҵра иазкны ҳтәылаҿы аусмҩаҧгатәқәа еиҿкаан. Аҟәа, ашәҟәыҩҩы ибаҟа аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит, игәалашәара аҿаҧхьа ихырхәеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аҧыза-министр Владимир Делба, Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Ахада иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа, аинтелегенциа рхаҭарнакцәа, ашколхәыҷқәа.
«Аиааира ашәақәа»! Идырым Асолдаҭ ибаҟа азааигәара имҩаҧысит аибашьра ду иалиааз ашәақәа рыла еиҿкааз аконцерт. Уи аҧшьнагеит Аҟәа ақалақь ахадара акультура аусбарҭа.
80-шықәса рышьҭахь, Очамчыра араион Отаҧ ақыҭаҿы иаартхеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аан иҭахаз аҵеицәа ргәаларшәара аҳаҭыр азы рыхьӡқәа зну абаҟа. Ари аусмҩаҧагатә алыршахеит Урыстәыла ахада игрант аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Очамчыра ақалақь аҿы шьыжьнаҵы ауаа рацәан. Ргәалаҟазаара бзиан Аиааира амш ныҳәа азгәазҭоз араион ауааҧсыра. Ҳкорреспондент Алиас Корсаиа еиҭеиҳәоит аныҳәа амҩаҧысшьа.
Традициала ишаҧу еиҧш, аибашьра афырхацәа рпортретқәа Леон ипроспект ала Амҳаџьырқәа рыҧшаҳәаҿынӡа, рныҟәара хдыркәшеит Идырым асолдаҭ ибаҟа аҿаҧхьа.