

Амемориал аҿы ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҧсны Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, Аҧсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин , аҧыза-министр Владимир Делба , аиҳабыра алахәылацәа , Жәлар Реизара ахантәаҩы Лаша Ашәба , адепутатцәа , ауаажәларра .
Владимир Путин иҟаиҵаз ааҧхьарала, Аҧсны Ахада Бадра Гәынба официалтә визитла Москва дыҟоуп аиааира ҧшьынҩажәа шықәса ахыҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа ихы рылаирхәырц. Владимир Путини Бадра Гәынбеи Кремль Сенаттәи ахан аҿы апарад аламҭалаз еиҧылеит. Путин Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Москваҟа агәырҕьаратә усмҩаҧгатәқәа рахь дахьнеиз. Ашьыжь асааҭ жәаба рзы Ашҭа Ҟаҧшь аҿы Аиааира апарад иалагеит. Уахь инеит аҳәаанырцә атәылақәа рнапхгаҩцәа, урҭ рыгәҭа Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. Апарад иалахәуп шәи ҩажәи жәаба ак техника. Ажәа лымоуп арҭ амшқәа рзы Москва иҟоу ҳкорреспондент Анна Лагәлааҧҳа.
Аиааира ду амш аламҭалаз, Аҧсны абжьаратә ҵараиурҭақәа рҿы уи азгәаҭара иазкны аусмҩаҧгатәқәа еиҿыркаауеит. Кондрат Ӡиӡариа ихьӡ зху Аҟәатәи алицеи -интернат аҿы аныҳәа иазкыз апрограмма атәы анаҩстәи анҵамҭаҿы.
Уи аҿы еихшьаалан ҩымзтәи аҵаратә курс алҵшәақәа. Ари аамҭа иалагӡаны Гагра араион аҵаҩцәа адронқәа рырҧырразы атеориатәи атехникатәи аспектқәа ҭырҵаауан. Сариа Кәарцхьиаҧҳа еиҳа инарҭаабны дазааҭгылоит ари атема.
Владимир Путин ифонд агрантқәа рҟынтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы иҭахаз рбаҟақәа Аҧсны реиҭашьақәыргыларазы ирзоужьын миллионк-миллионк мааҭ аҧара. Убас еиҭашьақәыргылаз абаҟақәа руак аартын Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.
Аҧсны ауаажәларра гәалсра дула ирыдыркылеит еицырдыруа ашәҟәыҩҩ, аҧсуа литература аклассик Алықьса Ноча-иҧа Гәогәуа иҧсҭазаара иалҵра. Алықьса Ноча-иҧа аҧсуа милаҭтә культура дахаҿроуп. Иара ирҿиара акырӡа иҵаулоуп. Ашәҟәыҩҩы илшеит амилаҭтә литература аҳәаақәа рырҭбаара.«Амацәыс агьама», «Асду» реиҧш иҟоу иаҧҵамҭа дуқәа адунеитә литература иахәҭакхеит.Аҧсны Жәлар рышәҟәыҩҩ,ауаажәларратә усзуҩ, СССР-и, Урыстәылеи, Аҧсныи рышәҟәыҩҩцәа реидгылақәа рлахәыла, жәларбжьаратәи адыгатәи академиа аҳаҭыртә академик,Аҧсны Анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу адоктор, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат,Ахьӡ-аҧша аорден актәи аҩаӡара уҳәа ианашьоу аҳамҭа ҳаракқәа рацәоуп Алықьса Гогәуа.Ашәҟәыҩҩ ду аҧсшәахь еиҭеигеит Достоевски,Толстои,Платонов,Федин,Хьемингуеи, Коллоди уҳәа еицырдыруа адунеитә классикцәа раҧҵамҭақәа. Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла гәалсрыла ирыдашшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз Алықьса Ноча-иҧа Гогәуа иҭаацәа.
Асовет Еидгыла Афырхаҵа Уарлам Габлиа ибаҟақәа ҩба аадыртит анышә дахьамадоу Тамшь ақыҭеи, Очамчара ақалақь идырым асолдаҭ ибаҟа авараҿи. Иара убасгьы официалла иаартын Тамшьтәи абжьаратә школ аҿы иҭыхыу афырхаҵа исахьа зну амурал. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәт Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа,Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, Аҧсны иҟоу Урыстәыла а цҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра, афырхаҵа иуацәа иҭынхацәа.
Аиааира ду амш аламҭалаз Гәымсҭа ақыҭан имҩаҧысит Аџьынџьтәылатә еибашьра дууӡеи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьреи раан иҭахаз рыхьӡала амемориалтә комплекс аартра. Аобиект ргылоуп Аҧсны иҟоу аерманцәа рхеилаки уи ахантәаҩы Алик Миносиани рхарџь ала. Ари амемориалтә комлекс убасгьы иамҽханакит аспорт аҽазыҟаҵарҭа ҭыҧ - ашьапылампыл маҷ азы адәы, ахәыҷқәа рзы ахәмарырҭа. Аусмҩаҧгатә даҭааит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларра.