

Акциа «Агәалашәара амца» мҩаҧысит Москва Александр ибаҳчаҿы лаҵарамза ҧшьба рзы. Уаантәи Ҿыцәаара зқәым амца ҩажәиак тәылеи шәи ҩажәи жәаба қалақьи рахь ирышьҭит. Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Аҧсны аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, атәыла ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, аҧыза-министр Владимир Делба, ақалақь анапхгара, жәлар реизара адепутатцәа, арра амаҵ азызуа ауаа, ауаажәларра.
Аџьынџьтәылатә еибашьра ду 80 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы Аҟәа ақалақьтә школқәа рҵаҩцәа алархәны имҩаҧган Арратә цәаҳәаиаша ақәгылареи аибашьра иалиааз ашәақәа рынагӡареи рҿы ирымоу азыҟаҵара аарҧшра иазкыз аицлабра. Уи алыҵшәақәа ҳзеиҭалҳәоит Фатима Гергьиаҧҳа.
Иахьа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭа ҭдырҭәааит аҭыҧантәи аспортсменцәа. Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз аиааира ҧшьынҩажәа шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы аспорт афестиваль еиҿкаан. Шьаҿеиқәшәала ашҭа иқәсит ҩеижәа- ҩык рыла ишьақәгылаз акаллонақәа ҩажәи хәба рҿынӡа Аҧсны араионқәа зегьы рҿынтә. Афестиваль ашҟа дымҩахыҵит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба.