

Самсон Ҷанба ихьӡ зху аҧсуа драматә театр аҿы Аҧсны раҧхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку агәырҕьатә еилатәара мҩаҧысит. Атеатр афоие аҿы иаатит Аҧсны раҧхьатәи ахада изку мышктәи афотоцәыргақәҵа . Аусмҩаҧгатәқәа рхы рыладырхәит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба , аҧыза-министр Владимир Делба , аминистрцәа реилазаара алахәылацәа , адепутатцәа , ауаажәларра .
Аҧсны жәлар рҭоурых аҿы ирҳәоит , ес-ииуа ирыциуа , ес-иҧсуа ирыцыҧсуа фырхаҵоуп ҳәа . Лаҵарамза жәиҧшь рзы Аҧсны актәи ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи ҧшьынҩажәа шықәса ҵит. Ҳтәыла ахы-аҵыхәа араионқәа зегьы рҿы иазгәаҭоуп аусмҩаҧгатәқәа . Шьыжьнаҵы , Аҟәа араион Алада Ешыра ақыҭан ҳаамҭазтәи аҧсуа ҳәынҭқарра еиҭашьақәзыргылаз Владислав Арӡынба имемориалтә комплекс аҿаҧхьа ихырхәарц иаҭааит атәыла анапхгара, аибашьра аветеранцәа, ашколхәыҷқәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Агәыҳалалратә фонд «Ашана» ааҧхьарала, Аҧсны агәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала, ҩаҧхьа Аҧсны даҭааны дыҟоуп атравматолог-ортопед, амедицинатә наукақәа рдоктор Гьаргь Чибиров.Иусуратә мшы иалагӡаны афонд иаҵанакуа ахәыҷқәа иаарласны ацхыраара риҭоит ахирургиа аганахь ала. Убасгьы хәыда-ҧсада абжьгарақәа зҭаху ахәыҷқәа идикылоит арҭ амшқәа рзы. Наала Чхьынџьериаҧҳа иаҳа инарҭбааны ажәабжь ҳзеиҭалҳәоит.
Уи аҭыҧ азалхуп еиуеиҧшым аҭоурыхтә аамҭақәа рзы иҭахаз Жәындәрыҧшьаа рҵеицәа гәымшәақәа рбаҟақәа рыгәҭаны. Абиуст аартра иалахәын Владислав Арӡынба иҧшәмаҧҳәыс Светлана Џьергьениаҧҳа, Аҧсны аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ Џьансыхә Нанба, Жәлар реизара адепутатцәа, Гәдоуҭа араион ахадара, аветеранцәа, иҭахаз афырхацәа ранацәа.
Ааигәа иҟаз аҧшатлакә ашьҭахь, аиҭашьақәыргыларақәа шцо гәарҭеит. Аҧша иахнахыз ахыбқәа рыҟаҵаразы аусурақәа ырццактәуп,- иҳәеит Аҧсны Ахада.
Баграт Шьынқәба ихьӡ зху аҧсуа бызшәа аҿиаразы агәыҳалалатә фонд, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы имҩаҧнагеит иҧсабаратәым аинтеллект аҧсуа бызшәала арцәажәаразы апроект аӡыргара. Уи иалахәын астудентцәа реиҧш аҵарауааи арҵаҩцәеи. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.