АЖӘАБЖЬҚӘА

* Лаҵара 2025

Очамчыра араион, Ҷлоу ақыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра дууӡа аан иҭахаз ақыҭауаа рыхьӡала игылоу абаҟа аиҭашьақәыргыла ашьҭахь иаартуп. Аусмҩаҧгатә даҭааит Аҧсны Ахада Бадра Гәынба. Убасгьы Ахада ихаҭыҧуаҩ Беслан Бигәаа, иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, Очамчыра араион ахада Алхас Кациа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 20 Лаҵара 2025 00:22

Амшеикәшара 19.05.2025

Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Кьыршьал Чачхалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи актәи абжьаратә школ алагарҭатә класс мҩамш ҳәа ршьаҿа еихыргеит иаҳа аҭакҧхықәра зцу аҵарадыррахь, ииасит аиҳабыртә класс ахь. Уи азы рышкол аҿы имҩаҧыргеит аиҧырҵратә хәылҧазы. Ажәабжь иацырҵоит ҳкорреспондентцәа.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК

Адунеи аҟны иаҧҵоу жәларбжьаратәи амузеи амш инамаданы, ҳтәылаҿы ҩнызқьи жәохә шықәса раахыс иазгәарҭоит. Ари амш аҽны, амузеиқәа ашьыжь инаркны, ауха асааҭ 12 рҟынӡа аус руан. Аҧсны раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба диижьҭеи ҧшьынҩажәа шықәса аҵра инамаданы, амузеиқәа рҿы аиубилеитә рыцхә азҿлымҳара ҷыда аҭан. Акциа амҩаҧгара иадгылеит акультура аминистрра. Аҧсны аҧыза-министр Владимир Делба ари ахҭыс ихы алаирхәит.

 
Икьыԥхьуп НОВОСТИ - АГТРК
Aҩаша, 20 Лаҵара 2025 00:17

Набыц змам. Наала Хьециа

Икьыԥхьуп ТЕЛЕПРОЕКТЫ
Aмҽыша, 18 Лаҵара 2025 23:49

Амчыбжь 18.05.2025

Уахатәи ҳҭыжьымҭаҿы ишәыдаагалоит

-Атәыла Ахада Бадра Гәынба Гәдоҭа араион амшцәгьа иҟанаҵаз аҧхасҭа аҧыхразы аусурақәа рымҩасшьа ибеит.

-Амчыбжь ахҳәаа. Ииасыз ахҭыс хадақәа ааркьаҿны.

  • 2024-2025 аҵарашықәс аихшьаалақәа ишәыдаагало аиҿцәажәараҿы.
  • Аҧсны ареспубликатә хәышәтәырҭаҿы ҳҳақьымцәа рылшарақәа ирыцызҵо амаруга-ангиограф ықәдыргылоит .

Абарҭи егьырҭ ажәабжьқәеи шәыдаагалоит ҳдырраҭараҿы даҽаџьара ииашәымган.

 
Икьыԥхьуп Амчыбжь
Aмҽыша, 18 Лаҵара 2025 23:35

Аспорт адунеи

Икьыԥхьуп Аспорт адунеи

Архив новостей

« Лаҵара 2025 »
Mon Tue Wed Thu Fri Sat Sun
      1 2 3 4
5 6 7 8 9 10 11
12 13 14 15 16 17 18
19 20 21 22 23 24 25
26 27 28 29 30 31