

Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аҿы игаз Аиааира ҧшьынҩажәа шықәса ахыҵра иазкыу аусмҩаҧгатәқәа ирыцҵоуп Очамчыра араион ашколқәа рҿы.Анаҩстәи анҵамҭа азкыуп ақалақь аҧшьбатәи абжьаратә школ аҟны еиҿкааз ахәылҧаз.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аҟны игаз аиааира 80-шықәса ахыҵра инамаданы, Баграт Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи актәи абжьаратә ашкол аҿы имҩаҧган акласстә сааҭ, Ленинградтәи аблокада агәаларшәара иазкны. Аусмҩаҧгатә иалагӡаны аҵаҩцәа ирылшеит, злахьынҵа еиҧшхаз ҩ-қалақьк Тҟәарчали Ленингради рҭоурых аиҿырҧшра.
Уи ус шакәу дырҵабыргуеит ари абжьарак иара ахьӡала атәыла ахы-аҵыхәа еиҿыркаауа аусмҩаҧгатәқәа. Аҟәа ақалақь ажәабатәи Ашьхарыуа рышкол аҿы еиҿкаан аиҧш-зеиҧшу агәаларшәаратә усмҩаҧгатә.
Иара аиҿкаара алыршахеит Москва иҟоу акино амузеии , Аҧсныи Урыстәылеи ркультура аминистррақәеи русеицура иабзоураны. Аусмҩаҧгатә иаҭааит Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Лаша Ашәба, ҳреспубликаҿы иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин. Акультура аминистр Даур Ақаҩба.
00:10- Амҩаҧгаҩ
01:23 -Ҩыџьа Аҧсны аҵеицәа – иҷыдоу арратә операциа аан иҭахаз хатәгәаҧхарала еибашьуаз Баҭал Шьакаиеи Геннади Цыбулькои наунагӡа абзиараз ҳәа рарҳәеит .
04:40 «Ахьаа есааира аҽарҿыцуеит ». Ҧшьынҩажәа шықәса иргәылганы иааргаз агәалашәарақәа Аҧсуателерадиолахәыра апроект ҿыц аҟны .
16:20 Аиааира мши Аҧсны Раҧхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иирамши ирызкыз аусмҩаҧгатә еиҿкаан Ҷлоутәи абжьаратә школ аҿы.
21:40 Аҧсны аинвалидцәа, афонд ахарџь ала ироуа ахәшәқәа ианаамҭоу ирықәдыршәома ?